Аԥсны

Аԥсуа ҳақьымцәа рԥышәа еиздырҳауеит Шәачатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы

Шәачатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы аԥхьа рԥышәа еиздырҳауеит аԥсуа реаниматологцәа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Аԥсуа ҳақьымцәа рԥышәа еиздырҳауеит Шәачатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы, абри азы еиқәшаҳаҭхеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәеи Шәачатәи амедусбарҭа аиҳаби Игор Лукианченкои реиқәшәараан.

Ҳмедицина аусзуҩцәа рԥышәеи рдырреи аизырҳаразы алшара рымазаауеит. Раԥхьаӡа иааҳашьҭуеит ареаниматологцәа, ҳтәыла урҭ аҟазауаа разымхара аныԥшуеит. Шәачатәи ареанимациатә ҟәша- зегьы рзы иҿырԥшыгоуп. Урыстәылатәи ҳколлегацәа рԥышәа ҳара ҳзы кыр аҵанакуеит", - иҳәеит Ҳаҭхәа.

Аиԥылараҟны иазааҭгылан амедусбарҭақәа русеицура.
Аԥсуа ҳақьымцәа Шәачатәи ахәшәтәырҭа ҟәшақәак аусушьа гәарҭеит.