Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Белгородтәи аобласт аҟны 70-ҩык рҟынӡа украинатәи аибашьцәа ҭархоуп

Лаҵара 22 рзы украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа рыруаа Белгородтәи аобласт аҵакырахь иҭалеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Белгородтәи аобласт аҟны атеррористҿагыларатә операциа амҩаԥгараан 70-ҩык инареиҳаны украинатәи аибашьцәеи, акәылӡмашьынақәа ԥшьбеи, апикапқәа хәбеи ҭадырхеит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

"Атеррористҿагыларатә операциа амҩаԥгараан авиациеи, артиллериеи Мраҭашәаратәи арратә округ арҟәшақәеи амилаҭеилыхыҩцәа еиҿкаарақәа амацәаз иҭаркит, реиҳараҩык ҭадырхеит. Иаанхаз Украина аҵакырахь иԥхьацан. Уа урҭ ааха шроуц ироуан, зегь еиларҟәыбаанӡа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Купиансктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа Киев ацәыӡқәа аиуит, иҭархоуп 110-ҩык асолдаҭцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа ҩба, Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы - 65-ҩык аибашьцәеи, танкк, акәылӡмашьынақәа хԥа, автомашьынақәа ҩба, агаубицақәа "Мста-Б", Д-20, Д-30.
Донецктәи ахырхарҭаҿы - 375-ҩык украинатәи аибашьцәа ҭархоуп, атанкқәа ҩба, автомашьынақәа ԥшьба, агаубица Д-30, арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50, 60-тәии 64-тәии УАМ абригадақәа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа.
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы иҭархоуп 150-ҩык украинатәи аруаа, апикапқәа хԥа, агаубица "Мста-Б". Херсонтәи ахырхарҭаҿы – 20-ҩык аибашьцәа, автомашьынақәа хԥа, агаубица "Мста-Б".
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Артиомовск ахы иақәиҭтәуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит
Аоператив-тактикатә авиациеи, артиллериеи ааха рырҭеит УАМ 96 артиллериатә ҟәша, 112 раион рҿы аибашьцәеи атехникеи, 24-тәи амеханизациа зызуу абригада абылтәышьҭаҵарҭақәа ҩба.
Аҳауахьчаратә мчқәа икарыжьит аицҭырҟьаратә системақәа HIMARS-и "Урагани" рреактивтә хгәыцәқәа 13, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 11.