https://sputnik-abkhazia.info/20230521/urystyla-atylakhchara-aministrra-artiomovsk-akhy-iaitup-a-aama-anaeit-1045917042.html
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Артиомовск ахы иақәиҭтәуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Артиомовск ахы иақәиҭтәуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит
Sputnik Аҧсны
Артиомовск - Донбассҟа украинатәи архәҭақәа рнеиразы аҵак ду змоу транспорттә еивысырҭоуп. 21.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-21T11:10+0300
2023-05-21T11:10+0300
2023-05-21T11:26+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/06/1045123092_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_c7ff1a3ef0fef2ac63bbf00d966ba82a.jpg
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. ДЖәР Артиомовск ахақәиҭтәра хыркәшоуп ҳәа амҽыша адырра ҟанаҵеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра."Артиомовтәи атактикатә хырхарҭаҿы ажәыларатә отриадқәа "Вагнер" "Аладатәи" архәҭақәа ргәыԥ артиллериеи авиациеи рыдгыларала имҩаԥыргаз ажәыларақәа ирыбзоураны Артиомовск ақалақь ахақәиҭтәра хыркәшоуп", - ҳәа адырра ҟарҵеит.Урыстәыла ахада Владимир Путин агәыԥ "Вагнер" алахәылацәеи Урыстәыла Арбџьармчқәа рыруааи ирыдиныҳәалеит ДЖәР Артиомовск ақалақь ахы иахьақәиҭыртәыз.Иазгәаҭоуп ари аус аҟны зҽалызкааз зегьы аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа шранаршьо.Артиомовск (Украина ари ақалақь ареволиуциа ҟалаанӡатәи ахьӡ Бахмут ҳәа ишьақәдырӷәӷәеит) шьҭоуп ақалақь ду Горловка аҩадахьы. Донбассҟа украинатәи архәҭақәа рнеиразы уи аҵак ду змоу транспорттә еивысырҭоуп. Акыр мза инеиԥынкыланы ари ақалақь азы аибашьра ӷәӷәа цон.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/06/1045123092_168:0:2899:2048_1920x0_80_0_0_335a7cd3c69211d650015b4fa65db2a6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Артиомовск ахы иақәиҭтәуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит
11:10 21.05.2023 (ирҿыцуп: 11:26 21.05.2023) Артиомовск - Донбассҟа украинатәи архәҭақәа рнеиразы аҵак ду змоу транспорттә еивысырҭоуп.
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. ДЖәР Артиомовск ахақәиҭтәра хыркәшоуп ҳәа амҽыша
адырра ҟанаҵеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Артиомовтәи атактикатә хырхарҭаҿы ажәыларатә отриадқәа "Вагнер" "Аладатәи" архәҭақәа ргәыԥ артиллериеи авиациеи рыдгыларала имҩаԥыргаз ажәыларақәа ирыбзоураны Артиомовск ақалақь ахақәиҭтәра хыркәшоуп", - ҳәа адырра ҟарҵеит.
Урыстәыла ахада Владимир Путин агәыԥ "Вагнер" алахәылацәеи Урыстәыла Арбџьармчқәа рыруааи ирыдиныҳәалеит ДЖәР Артиомовск ақалақь ахы иахьақәиҭыртәыз.
"Владимир Путин ажәыларатә отриадқәа "Вагнер", иара убас урҭ иахәҭаз ацхыраара рызҭаз Урыстәыла Арбџьармчқәа рыруаа ирыдиныҳәалеит Артиомовск агаразы аоперациа ахьыхдыркәшаз", - ҳәа аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп ари аус аҟны зҽалызкааз зегьы аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа шранаршьо.
Артиомовск (Украина ари ақалақь ареволиуциа ҟалаанӡатәи ахьӡ Бахмут ҳәа ишьақәдырӷәӷәеит) шьҭоуп ақалақь ду Горловка аҩадахьы. Донбассҟа украинатәи архәҭақәа рнеиразы уи аҵак ду змоу транспорттә еивысырҭоуп. Акыр мза инеиԥынкыланы ари ақалақь азы аибашьра ӷәӷәа цон.