Аԥсны

Гал араион аетникабжьаратә зҵаарақәа рзы акомиссиа аԥҵоуп Ауаажәларратә палатаҿы

Гал араион ахада, аҭыԥантәи араионтә еизара адепутатцәа, Гал араион ауааԥсыра Ауаажәларратә палата алахәылацәа рԥылеит лаҵара 19 hзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Гал араион аетникабжьаратә зҵаарақәа рзы акомиссиа аԥҵоуп Ауаажәларратә палатаҿы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Апалата алахәыла Давид Ԥлиа.
Ԥлиа иажәақәа рыла, арахь иаҵанакуеит Гал араиони, Тҟәарчали Очамчыреи рқыҭақәаки руааԥсыра.
Иахәҭаны иҟоуп Гал араион ауааԥсыра аиразы аршаҳаҭгақәа рыҭара, ашколқәа роушьҭымҭацәа атәылауаҩра рыҭара, араион ауааԥсыра рҭоурыхтә жәлақәа рзырхынҳәра зҵазкуа амҩаԥгаратә хсаалага иҳәеит Ԥлиа.
Иара иазгәеиҭеит астол гьыжь шымҩаԥгатәу, уахь ишнаԥхьатәу Аԥсны жәлар рконгресс, Ауаажәларратә палата рхаҭарнакцәа, аҟазауаа-адемографцәа, аетнографцәа.
"Ҳәарада, иаразнакала апроблемақәа зегьы рҭыԥ рықәҵара залшом. Ареферендум амҩаԥгара аҭаххар – имҩаԥгатәуп. Аҳәынҭқарра абри аганахь ала аинтерес аанарԥшыроуп", - иҳәеит Ԥлиа.
Гал араион аҿы астатистиказы Аҳәынҭқарратә еилакы адыррақәа рыла 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 азы инхоит 30 000-ҩык.
Уаанӡа Sputnik аинтервиу азҭаз араион ахада Константин Ԥлиа иазгәеиҭит 20 000-ҩык, урҭ рдокументқәа рыԥсахраан апроблемақәа шрызцәырҵуа.
Аԥсны
Ԥлиа Гал араион аҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит