Аԥсны

Аԥсни Санкт-Петербург аиҳабыреи аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит

Аԥснытәии Урыстәылатәии аганқәа еиқәшаҳаҭхеит русеицура иацырҵарц Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны. Иара мҩаԥысуеит рашәара 14 - 17 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Ахәаахәҭра-економика, аекологиа, ақыҭанхамҩа русхкқәа рҟны аусеицура атәы иалацәажәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи Санкт-Петербург аиҳабыра рлахәыла Евгени Григорьеви.
Аганқәа иазгәарҭеит абизнес-миссиа аиҿкаараҟны алшарақәа шыҟоу, аҿартә политика аганахь ала аԥышәа шеимдалатәу.
Беслан Џьопуа иазгәеиҭеит Аԥсны Санкт-Петербург аус ацуразы аинтерес ду шаанарԥшуа.

"Аԥышәа ҳҭахуп аекологиатә шәарҭадара, ишәарҭоу ацрыҵқәа раԥыхразы, аекологиатә хылаԥшра рызҵаарақәа рҿы. Ақыҭанхамҩа, аспорт, аҿартә политика, атуризм русхк аҟны аусбарҭабжьаратә усеицуразы ашьаҭақәа азырхиатәуп. Апрофильтә усбараҭқәа азыхиоуп Санкт-Петербургтәи рколлегацәа рнырра", - иҳәеит Џьопуа.

Евгени Григорьев иҳәеит Аԥсны Санкт-Петербург азы акыр шаҵанакуа.
"Ишьақәсырӷәӷәоит ҳшазыхиоу аусеицуразы аиқәшаҳаҭра апроект азырхиареи Санкт-Петербурги Аҟәеи рыбжьара ауснагӡатәқәа рыплан азырхиареи", - иҳәеит Григорьев.