Аԥсны

Аԥсны аҳазалхыҩцәа закәаншьаҭада ҳтәыла иалагалаз амашьынақәа ааныркылеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Аԥсны аҳазалхыҩцәа закәаншьаҭада ҳтәыла иалагалаз амашьынақәа "Камаз", "Форд Транзит" ааныркылеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.
Амашьынақәа ареспубликахь иалагалан аҳазалхратә ԥҟарақәа еилаганы.
Административтә зинеилагаразы аматериалқәа зегьы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.