Аԥсны

Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ралагалара акриминалтә схема аадырԥшит

Хыԥхьаӡара рацәала заанаҵы еилацәажәаны, аҳазатә шәарақәа рыҽрыцәхьакразы ашьаус хацыркуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа закәаншьаҭада автомашьынақәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ралагалара акриминалтә схема аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи амаҵзура.

Ишәамыз аҳазатә шәарақәа рхыԥхьаӡара 3,2 миллион мааҭ ыҟоуп.

Мызқәак рыҩнуҵҟа 27-шықәса зхыҵуа Шәача инхо адокумент ԥаршеиқәа рыла Урыстәылаҟа х-машьынак аҳәаа иахигеит, апассаџьырцәа рныҟәгаразы ихы иаирхәошәа. Усеиԥш аан аҳазатә шәарақәа рҟынтәи ухы уақәиҭтәуп.
Ахаҵа амашьынақәа Шәача аҽа џьоукы ириҭон, уи азы аԥара изыршәон.
Ари ахаҿи егьырҭ ахаҿқәеи рганахь ала ашьаус хацыркуп.