Аԥсны

Аԥсны Апарламент АШәМ аусзуҩцәа рулафахәқәа рзы аицԥаразоужьраз аԥкаанҵа шьақәнарӷәӷәеит

Аԥсны Апарламент VII ааԥхьара аилатәара мҩаԥысуеит Аҟәа, лаҵара 26 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Урыстәыла ахарџьқәа рыла изыцҵоу АШәМ аусзуҩцәа рулафахәқәеи ртәанчахәқәеи рзы аицԥаразоужьра амҩаԥгараз аиқәшаҳаҭра иацу аԥкаанҵа шьақәнарӷәӷәеит.
Адокумент рыдыркылеит аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала.