Аԥсны

Аҳәынҭмаҵзуразы азакәан аус адызулаша агәыԥ аԥҵоуп

Азакәан апроект 2023 шықәса жьҭаара 1 аҟынӡа иаззырхиаша аусутә гәыԥ хадара аиҭоит адепутат Ерик Рштуни.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аҟны "Аҳәынҭқарратә маҵзуразы" азакәан аус адызулаша агәыԥ аԥҵоуп.
Агәыԥ иалоуп адепутатцәа: Ерик Рштуни, Дауҭ Хәытаба, Алхас Барцыц, аиустициа аминистр Анри Барцыц.
Аминистр иажәақәа рыла, азакәан аԥҵареи аусура аларгареи иуадаҩу процедуроуп, ареспубликазгьы ахарџь ҟазҵо акоуп.
"Уи азы иманшәалоу амеханизмқәа аус рыдулатәхоит", - ҳәа иҳәоит иара.
Азакәан апроект 2023 шықәса жьҭаара 1 аҟынӡа иазырхиатәуп. Ахарџьынҵа - 120 000 мааҭ итәоит.
Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба иажәақәа рыла ари аус иалацәажәоижьҭеи акырҵуеит, аус рыдулоуп иакымкәа апроектқәа, аха урҭ актәи аԥхьарагьы изахымсит.
Афинанстә хьанҭара абиуџьет аҵагылароуп. Уи акыр ихьанҭоуп. Адепутатцәа ргәаанагарала амиллиардқәа аҵанакуеит.