Аԥсны

Рашәара 15 инаркны иаартхоит аӡҭаларатә сезон

Ҩымчыбжь раԥхьа зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭгәаҭара ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәеи аплиажқәа қьырала измоуи ирырҭо иалагеит аҩырадҵақәа, аплиажқәа ршәарҭадаратә еиҿкаашьақәа азарбо.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Рашәара 15 инаркны Аԥсны иаартхоит аӡҭаларатә сезон ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
"Аекологиатә маҵзурақәеи ҳареи араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәеи ҳаиԥылеит, Аминистрцәа реилазаара ақәҵара инақәыршәаны аӡҭаларатә сезон араион ахадацәа иаадыртыр ахьакәу инамаданы. Ҳара абжьгара ҟаҳҵеит асезон рашәара 10 рзы иаартызарц. Иақәшаҳаҭхеит. Аха аамҭақәак рышьҭахь аҳәара ҟарҵеит ари аҿҳәара инахазарц, аплиажқәа разырхиаразы. Абри ашьҭахь еиқәышаҳаҭрала иазаҳаӡбеит рашәара 15 рзы иаартхарц", - ҳәа иҳәеит иара.
Ҩымчыбжь раԥхьа зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭгәаҭара ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәеи аплиажқәа қьырала измоуи ирырҭо иалагеит аҩырадҵақәа, аплиажқәа ршәарҭадаратә еиҿкаашьақәа азарбо.
Иахәҭаны ишьоуп:
1.
Аиқәырхаратә ҭыԥ аиҿкаара – плиаж-цыԥхьаӡа аиқәырхаҩи аиқәырхаратә шхәеи ыҟазаароуп.
2.
Аҽыкәабарҭатә ҭыԥқәа рҿы аҳәаақәа арбазароуп - зхысра ҟамло аԥкратә буиқәа ықәыргылатәуп. Аҟәареи абуиқәа ахьхуи рыбжьара– 30 метра азгәаҭатәуп.
3.
Аҽыкәабарҭа ҭыԥқәа рҿы аӡаҵақәа рыцқьатәуп.
4.
Аҽыкәабара азин ҟазҵои азин ҟазымҵои арбагақәа ықәыргылатәуп. Абираҟ ҩеижь – аӡҭалара азин ҟанаҵоит; абираҟ еиқәаҵәа – аӡҭалара азин ҟанаҵом.
5.
Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы атехникатә зонақәа арбалатәуп.
Аԥсны
Аҟәатәи аӡҭарчы рашәарамза алагамҭаз иаадыртыр алшоит
"Арҭ ахә-пункт араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа хымԥада имҩаԥыргар ауп. Аӡҭаларатә сезон аартра арыцхә хәымш шагу иарбоу аус шынагӡоу агәаҭара ҳалагоит", - иҳәеит Сабуа.
Иара убасгьы иҳәеит, ҵыԥх аусурақәа рымҩаԥымгаразы ахараԥса ҳәа ишарбаз 10 000 мааҭ. Сабуа иазгәеиҭеит макьаназ аинспекциа аплиажқәа рҿы аусурақәа шымҩаԥысуа атәы шырзымдыруа, уи агәаҭарақәа рышьҭахь ишеилкаахо.