Аԥсны

Аҟәа иаанкылоуп аметадон аҭираз гәҩарас иҟоу ҩыџьа Узбекисҭан атәылауаа

Иаанкылоу иааизакны хә-граммк анаркотикатә маҭәашьар рымхуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik. Ҩыџьа Узбекисҭан атәылауаа Аҟәа иааныркылеит анаркотикатә маҭәашьарқәа рҭиуан ҳәа гәҩарас иҟаҵаны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Иаанкылоу руаӡәк Саифулло Турсунбоев жәаашықәса ихымҵӡацт, егьи Азизбек Зухридинов жәаа шықәса ихыҵуеит. Дара хаҭала ианеимырдаауаз ирыдырбалеит аххы-маҭәашьар шкәакәа згәылаԥсаз аилаҳәарахәыҷқәа, иҟаҵаз аекспертиза ашьҭахь еилкаахеит аметадон шакәыз.
Аусеиларгара агәаанагарала, Турсунбоеви Зухридинови амаӡа ҭыпқәа рыла арҩашьыгатә маҭәашьарқәа аладырҵәын, иара убасгьы урҭ аҭыԥқәа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ирыԥшааит.
Иааизакны ирымху аметадон хә-граммк рҟынӡа иҟоуп. Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла 224-тәи ахәҭаҷ 3-тәи ахәҭа апункт "в" инақәыршәаны ашьаус хацыркуп.