Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи ркультура аминистррақәа русеицуразы апрограмма рнапы аҵариҩит

Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба усутә ныҟәарыла Москва дыҟоуп ахәаша, лаҵара 26 раахыс.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Малышеви 2023-2025 шықәсазтәи аусбарҭақәа русеицуразы апрограмма анапы аҵариҩит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра апресс-маҵзура.
Ашәҟәы инақәыршәаны, аганқәа русеицура иацырҵоит асахьаҭыхратәи атеатралтә ҟазареи, акино, амузеи, абиблиотекатә усхки рыҟны. Иара убас, Аԥсни Урыстәылеи аимадара рыбжьазаауеит аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рыхьчара азҵаарақәа рыҟны.
Акультура аминистр Даур Ақаҩба аусутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит ахәаша, лаҵара 26 рзы. Уаҟа иазгәаҭоуп Урыстәыла акультура аминистрра ахаҭарнакцәа рԥылара аҳәынҭқаррабжьаратә усеицзураз азҵаарақәа рылацәажәараз.