АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Бзыԥтәи аиҩхааҿы асаркьахҟьара змоу анаԥшааԥшырҭа аадыртраны иҟоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект авторцәа ируаӡәку, анаплакҩы Асҭамыр Џьниа.
"Бзыԥтәи аиҩхааҿы "Зип-лаин" (атарзанка-азгә.) ҳамоуп. Атуристцәа радԥхьаларазы, аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы аҽаҿыцрак ҳҭахын. Сколлегацәеи сареи ҳаахәыцын, иазгәаҳҭеит асеиԥш иҟоу анаԥшааԥшырҭа Аԥсны џьаргьы ишыҟам, насгьы уи ари аҭыԥ акыр ишанаало", - ҳәа азгәаҭуа иҳәеит рыгәҭакы анагӡаразы ашәҟәқәа шаздырхиаз.
Џьниа иажәақәа рыла, аргылара хыркәшахароуп рашәарамзазы. Анаԥшааԥшырҭа анаҩсгьы анаплакҩцәа, уи акәша-мыкәша адизаинер дадыԥхьаланы арԥшӡара ргәы иҭоуп - ахаҳәҟьаԥс шьҭарҵоит, алашаракәа шьақәдаргылоит. Апроект ахәԥса 12 миллион мааҭ итәоит.
Аргылара апрораб Иунус Маџьидов ишиҳәо ала, анаԥшааԥшырҭахь уназго ацҳа аҭбаара 6 метрак иҟоуп, аура – 52. Аргылара ахаҭа 65 метр ԥшьыркца иҟоуп. Адашьма асаркьа-ӡрыжә иалхуп.
"Уаҟа ареверстә ныҟәара еиҿкаахоит. Уи иаанаго, ганкахь ала унеиуеит, аҽа ганакахь ала уқәҵуеит. Аҭааҩцәа ирзыманшәалахоит. Ари аҩыза аргылара имариоу усӡам. 14,5 метра иҟоу абетонлых ҵаргәа ҟаҵоуп, аконструкциа ахаҭа 1,7 метра иҟоуп", - иҳәеит иара.
Маџьидов иазгәеиҭеит, арельеф аилаԥсара инадҳәаланы аусурақәа рыбжакы напыла ишымҩаԥгаз. Аконструкциа аргылараз аргыларатә кран адыԥхьалан. Аргылараз иаҭаххеит 120 кубометр абетони 26 тонна аметалли.