АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрра сынтәа Аԥсны анҭыҵ 513-ҩык ҳуааԥсыра рыхәшәтәразы 41 миллион мааҭ рзоунажьхьеит.
Аԥсныпресс ишаанацҳауа ала аминистр Едуард Быҭәба ацхыраара иззаҳәо проблема хаданы иҟоу акардиологиа, анеирохирургиа, аофтальмологиа, ашьа-датә хирургиа, атравматологиа реиԥш иҟоу ачымазарақәа роуп ҳәа азгәеиҭеит.
"Есышықәса ареспубликаҿы амедицинатә цхыраара аҟаҵара аҩаӡара шьҭаҳхуеит, аха убри аан ҳтәылауаа рӷьырак атәыла анҭыҵ аҽыхәшәтәразы иҳашьҭыр акәхоит. Агәабзиарахьчара ҳнапхгара рзы аԥыжәара змоу хырхарҭоуп. Асеиԥш ахәҭоуп ҳәа адҵа ҳаҭоуп, ҳаргьы уи ҳақәныҟәоит", - иҳәеит аминистр.
Быҭәба иара убасгьы иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы активла ахархәара шамоу хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса аполис ала амедицинатә цхыраара ауааԥсыра рыҭара. 2023 шықәса иалагазар Охымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса МС азы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны 140-ҩык ҳтәылауаа аҽыхәшәтәра ишьҭуп.