Аԥсны

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа еизеит Аҟәа

Атәыла амчра аполитика иаҿагыло рмитинг мҩаԥысуеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр аҿаԥхьа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Атәыла ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа иахьатәи анапхгара адгылаҩцәа рмитинг мҩаԥысуеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа рахь днеиит.
Атәылауааи аиҳабыратә хыбрақәеи рыхьчоит амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа. Аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара рӷәӷәан, урҭ иаарыкәыршаны аихатәы аандақәа шьақәыргылан, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа аганахьала - автобусқәа ргылан, игылоуп амилициа, атәылахьчара аминистрра амашьынақәа.
Атәыла амчра аполитика иаҿагыло рмитинг Аҟәатәи адраматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысуеит. Араҟа еизаз ауаа рнапаҿы иркуп ааԥхьарақәа зну аплакатқәа, Аԥсни Урыстәылеи рбираҟқәа.
Аԥсны
Атәыла амчра аполитика иаҿагыло рмитинг иалагеит Аҟәа