Аԥсны

Аоппозициа алахәылацәа рмитинг аҿы алкаатә резолиуциа рыдыркылеит

Sputnik
АҞӘА,лаҵара 30- Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа, аоппозициа алахәылацәа рмитинг аҿы алкаатә резолиуциа рыдыркылеит, уа дҵаны иҟарҵоит – аиҳабыра рыԥхьатәара, зус ззынамыгӡаз аполитикцәа рмаҵура ааныжьра.
Убри аан иазгәарҭоит, атәыла ахада имаҵура ааныжьра ишақәшаҳаҭым. Аминистрцәа реилазаара анапынҵақәа азынамыгӡеит ҳәа иршьоит, убри азы ԥхьатәара ицарц адҵа ҟарҵоит.
"Атәыла аиҳабыра рполитика асоциалтә, економикатә, аенергетикатә, адәныҟаполитикатә хырхарҭақәа рҿы акризис ахь икылнагеит", - азгәаҭоуп ирыдыркылаз ашәҟәаҟны.
Арезолиуциа апунктқәа иреиуоуп:
Ахада иҟны ареформақәа рзы Ахеилак аԥҵара, урҭ иааиуа аҩышықәса рыҩнуҵҟа амилаҭ усқәа рыӡбоит. Ахеилак иалагалатәуп еиуеиԥшым ауаажәларратә мчрақәа, аекспертцәа.
Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара ахәаахәҭраз ақәҵара аԥыхра.
Афымцалашара ахәԥса ашьҭыхразы ақәҵара аԥыхра.
Урыстәыла аҳәынҭдача "Пицунда" аҭаразы аиқәшаҳаҭра аанкылара.
Апартаментқәеи апарт-отельқәеи рзинтә статус азы азакәан апроект Апарламент ахь анамышьҭра.
Аенергосистема ахатә капитал ахатәтәразы аҭара мап ацәкра.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аекономикатә усқәа рзы аӡбарҭатәи абжьаҟазаратәи ӡбарҭақәеи разхаҵаразы аиқәшаҳаҭра Апарламент ахь рынамышьҭра.
Аҟәа ақалақь аргыларатә кодекс аус адуларазы аексперттә комиссиа аԥҵара.
Арҭ адҵақәа анынамыгӡаха "атәыла анапхгара амилаҭтә интересқәа ираӷоуп ҳәа ишьахоит", аоппозициатә мчқәагьы аԥсуа ҳәынҭқарра амырӡразы иахәҭаны иршьо аусқәа мҩаԥыргоит.
Арезолиуциа рнапы аҵарҩит "Аԥсуа жәлар рхеидкыла", "Аруаа", "Аԥсны", "Акзаара", "Аамҭа", аибашьра аветеранцәеи аҿари рхеилак "Аиааира".
Аоппозициа ахаҭарнакцәа ахада арезолиуциа изнаргеит. Аделегациа иалахәын- Ҭимур Гәлиа, Саид Быҭәба, Вианор Ашба.
Аԥсны
Атәыла амчра аполитика иаҿагыло рмитинг иалагеит Аҟәа