Аԥсны

Атәыла амчра аполитика иаҿагыло рмитинг иалагеит Аҟәа

Амитинг мҩаԥгахараны ишыҟоу атәы рылаҳәан аоппозициатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи раԥхьагылаҩцәа рыбрифинг аҿы лаҵара 11 рзы. Ауснагӡатә амҩаԥгара ақалақь ахадара ақәшаҳаҭуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Атәыла амчра аполитика иаҿагыло рмитинг Аҟәатәи адраматә театр аҿаԥхьа иалагеит.
Иқәгыло иазгәарҭоит иахьатәи атәыла ахадара имҩаԥырго аполитика ишаҿагыло, апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыргылара, афымцалашара ахә ашьҭыхра, адгьыл аҭира уҳәа реиԥш иҟоу.
Амитинг далацәажәо ареспублика ахада Аслан Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит, асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа азакәан азин шрымоу, атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит уи аԥҟарақәа ирҭымҵырц.
Аоппозициаа рмитинг аан ашьаус иаҵанакуа ма аконституциа иаҿагыло ашьаҿақәа ҟалар, АШәМ аусзуҩцәа азакәан инақәыршәаны урҭ аҭак рырҭоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аусбарҭа аиҳабы Роберт Кьиут.
Аилагарақәа рышьақәырӷәӷәаразы аиҳабыратә хыбрақәа иаарыкәыршаны акамерақәа ықәыргылоуп, уахи-ҽни аус руеит.
Атәылауааи аиҳабыратә хыбрақәеи рыхьчоит амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа. Аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара рӷәӷәан, урҭ иаарыкәыршаны аихатәы аандақәа шьақәыргылан, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа аганахьала - автобусқәа ргылан, игылоуп амилициа, атәылахьчара аминистрра амашьынақәа.
Ԥхынҷкәын 21, 2021 шықәсазы Аҟәа имҩаԥысит ззин ыҟамыз амитинг, уи аҿагыларатә ҟазшьа шьҭнахит, усҟан жәлар рмазара ааха рыҭан. Хәҩык атәылауаа аанкылан.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит