Урыстәыла

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит Москва адронқәа рыла ажәлара шыҟалаз

Украинатәи адронқәа Москва иажәлеит лаҵара 30, ашьыжь.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Киевтәи арежим аҽазышәара ҟанаҵеит Москва аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ааба рыла ажәлара, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Киевтәи арежим иахьа ашьыжь аҽазышәара ҟанаҵеит Москва аԥырҩы дызҭам аҳаирплан ҟазшьа змоу ахархәагақәа ааба рыла ажәлара. Аӷа ихархәагақәа зегьы ҭархоуп", - аҳәоит адырраҭара.
Х-дронк арадиоелектронтәҿагылара ахархәагақәа иҭадырхеит, дара рхықәкы иацәыхҟьеит. Аҽа хә-дронк азенит-ракетатә комплекс "Панцирь-С" ала икарыжьит.
Украинатәи адронқәа Москва иажәлеит лаҵара 30, ашьыжь. Аԥырҩы дызҭам ахархәага Профсоиузнаиа амҩаҟны игылоу №98 аҩны аҵыхәтәантәи аихагылақәа ааха рнаҭеит- аԥенџьырқәа ԥҽҽит. Аҩбатәи ааха зауз аҩны 24 еихагыла иҟоу ахыбра Москва Ҿыц, Атласова амҩаҟны игылоуп.
Уи адагьы Подмосковие агубернатор Андреи Воробиов адырра ҟаиҵеит, Москваҟа инеиуаз адронқәак шкарыжьыз.