https://sputnik-abkhazia.info/20230530/urystyla-atylakhchara-aministrrany-ireit-moskva-adrona-ryla-azhlara-shyalaz-1046071458.html
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит Москва адронқәа рыла ажәлара шыҟалаз
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит Москва адронқәа рыла ажәлара шыҟалаз
Украинатәи адронқәа Москва иажәлеит лаҵара 30, ашьыжь. 30.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-30T10:49+0300
2023-05-30T10:49+0300
2023-05-30T10:49+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/1e/1046066566_0:151:3103:1896_1920x0_80_0_0_7eee037b1959bbfee29fc917d4f6c01f.jpg
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Киевтәи арежим аҽазышәара ҟанаҵеит Москва аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ааба рыла ажәлара, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Х-дронк арадиоелектронтәҿагылара ахархәагақәа иҭадырхеит, дара рхықәкы иацәыхҟьеит. Аҽа хә-дронк азенит-ракетатә комплекс "Панцирь-С" ала икарыжьит. Украинатәи адронқәа Москва иажәлеит лаҵара 30, ашьыжь. Аԥырҩы дызҭам ахархәага Профсоиузнаиа амҩаҟны игылоу №98 аҩны аҵыхәтәантәи аихагылақәа ааха рнаҭеит- аԥенџьырқәа ԥҽҽит. Аҩбатәи ааха зауз аҩны 24 еихагыла иҟоу ахыбра Москва Ҿыц, Атласова амҩаҟны игылоуп. Уи адагьы Подмосковие агубернатор Андреи Воробиов адырра ҟаиҵеит, Москваҟа инеиуаз адронқәак шкарыжьыз.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/1e/1046066566_187:0:2918:2048_1920x0_80_0_0_c7cc4d074c20652a4bd750ff59a01450.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит Москва адронқәа рыла ажәлара шыҟалаз
Украинатәи адронқәа Москва иажәлеит лаҵара 30, ашьыжь.
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Киевтәи арежим аҽазышәара ҟанаҵеит Москва аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ааба рыла ажәлара, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Киевтәи арежим иахьа ашьыжь аҽазышәара ҟанаҵеит Москва аԥырҩы дызҭам аҳаирплан ҟазшьа змоу ахархәагақәа ааба рыла ажәлара. Аӷа ихархәагақәа зегьы ҭархоуп", - аҳәоит адырраҭара.
Х-дронк арадиоелектронтәҿагылара ахархәагақәа иҭадырхеит, дара рхықәкы иацәыхҟьеит. Аҽа хә-дронк азенит-ракетатә комплекс "Панцирь-С" ала икарыжьит.
Украинатәи адронқәа Москва иажәлеит лаҵара 30, ашьыжь. Аԥырҩы дызҭам ахархәага Профсоиузнаиа амҩаҟны игылоу №98 аҩны аҵыхәтәантәи аихагылақәа ааха рнаҭеит- аԥенџьырқәа ԥҽҽит. Аҩбатәи ааха зауз аҩны 24 еихагыла иҟоу ахыбра Москва Ҿыц, Атласова амҩаҟны игылоуп.
Уи адагьы Подмосковие агубернатор Андреи Воробиов адырра ҟаиҵеит, Москваҟа инеиуаз адронқәак шкарыжьыз.