Аԥсны

Аԥсны иаатит Аахыҵ Уаԥстәыла акультура амшқәа

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы иаатит Аахыҵ Уаԥстәыла акультура амшқәа.
"Ҳаҭыр ду зқәу аҩызцәа, иахьа ҭоурыхтә мшуп, ҳара иаҳҭаиит Аахыҵ Уаԥстәылантәи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи. Ааигәа, мшаԥымзазы ҳара Аԥсны акультура амшқәа мҩаԥаагеит дара рҟны. Иахьанӡагьы иаҳгәалашәоит шаҟа иԥханы иаҳԥылаз. Аахыҵ Уаԥстәыла акультура амшқәа Аԥсны амҩаԥгаразы аҟазаратә коллективқәа ахьаҳҭааз даара ҳаигәырӷьоит", - иҳәеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ркультуратә усбарҭақәа рхадацәа Даур Ақаҩбеи Радмила Дзагоеви
Аахыҵ Уаԥстәыла акультура аминистр Радмила Дзагоева адкыларазы иҭабуп лҳәеит.
"Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев ихьӡала Аԥсны имҩаԥысуа Аахыҵ Уаԥстәыла акультура амшқәа асасцәеи алахәылацәеи ишәыдысныҳәалоит. Акыр шықәса ҵуеит ҳҳәынҭқаррақәа аимабзиара рыбжьоижьҭеи, гәахәароуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акультура ахырхарҭала аизыҟазаашьақәа ҿиоуижьҭе. Ҭабуп ҳәа иасҳәоит сколлега Даур Ақаҩба акультура ахырхарҭаҟны аусеицуреи аимадарақәа рырҭбаареи дахьахаҵгыло",- лҳәет Дзагоева.
Ацәажәарақәа рышьҭахь Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә адраматә театр иқәнаргылеит "Ауапа еиқәаҵәа".
Аԥсны иаатит Аахыҵ Уаԥстәыла акультура амшқәа
Мшаԥы 5-6 рзы Аԥсны акультура амшқәа Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысит Цхьынвал. Ахәаԥшцәа идырбан Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр инарыгӡо Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал иажәабжьқәа рмотивқәа рыла иқәыргылоу аспектакль "Аибашьра ахԥатәи амш", иара убас Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбли аԥсуа естрада артистцәеи рықәгылара мҩаԥган.