Аԥсны

Ахәыҷқәа рзы аҟазаратә-классқәа мҩаԥыргеит "Гәма"

Sputnik
АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахәыҷқәа рыхьчара амш иазку аныҳәа мҩаԥган акультура-устә платформа "Гәма" аҟны рашәара 1 азы.
Аусмҩаԥгатә аҟны ахәыҷқәа рзы имҩаԥыргеит аробототехниказ аҟазаратә-классқәа, 3Dасахьақәа, аробошьапылампыл, асеисматә-ргылара уҳәа. Ахәыҷқәа аҭҵаарадырратә лабораториа рҽаладырхәит.
1 / 7

Ахәыҷқәа рыхьчара амш

2 / 7

Ахәыҷқәа рыхьчара амш

3 / 7

Ахәыҷқәа рыхьчара амш

4 / 7

Ахәыҷқәа рыхьчара амш

5 / 7

Ахәыҷқәа рыхьчара амш

6 / 7

Ахәыҷқәа рыхьчара амш

7 / 7

Ахәыҷқәа рыхьчара амш

Иара убасгьы ахәыҷқәа ирыдгалан асахьаҭыхра, акәаҳара аурокқәа, ахәмаргақәа, аконфеҭ, аџьынџьыхәа рыҟаҵара, ахыци ахәымпали рыла ахысра, ақьаад аус адулара, аӡы арзашьа. Ареспублика аҳәынҭавтогәаҭара ракәзар, ахәыҷқәа рзы иаздырхиеит амҩатә ԥҟарақәа ртәы дзырдыруа авикторина.
Быжьшықәса зхыҵуа Баграт иҭыхымҭа аныҳәаҿ ицәырган. Уи азы аҳаҭыртә шәҟәы иоуит. Ихы ԥишәеит ароботшьампылампыл аҿы.
"Аныҳәа даара исгәаԥхеит. Ирацәоуп иҿыцны издырыз", - иҳәеит иара.
Ахәыҷқәа рзы аныҳәа еиҿкаан ЕАР ахәыҷтәы Фонд Аҟәатәи аофис ацхыраарала.
Ахәылбыҽха ахәыҷқәа иддырбараны иҟоуп афильм "Гарри Поттери афилософиатә хаҳәи". Аныҳәа алахәхара хәыдаԥсадоуп.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Ахәыҷқәа рыхьчара амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит