Аԥсны

Аслан Бжьаниа Ахәыҷқәа рыхьчара амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит

Рашәара 1 азы адунеи аҟны иазгәарҭоит Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла иқәынхо Ахәыҷқәа рыхьчара рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иазгәеиҭеит ахәыҷқәа анапы рыдкылара аԥыжәаратә ҟазшьа шамоу.
"Ахәыҷқәа еснагь ауаажәларраҿы еиҳа ихьчамыз ракәны иҟан. Уи азоуп иалшо зегьы зыҟаҳҵо атәылаҿ азини аҭынчреи рыҟазааразы", - ҳәа аҳәоит ааҳәам  таҿы.
Атәыла хада иазгәеиҭеит, Ахәыҷқәа рыхьчара амш аҽазныкгьы адуцәа урҭ ирымоу ауадаҩрақәа, рзинқәа рыхьчара ишаднаԥхьало.