Аԥсны

Илахҿыху ахәмаррақәеи аконцерти: Аҟәа Ахәыҷқәа рыхьчара амш шымҩаԥысыз

Есышықәса адунеи аҟны рашәара 1 азы иазгәарҭоит Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. С. Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысит Аҟәа ақалақь ахадара Акультура аусбарҭа еиҿнакааз Ахәыҷқәа рыхьчара амш иазкыз аконцерт.
Аԥсны
Ахәыҷқәа рзы аҟазаратә-классқәа мҩаԥыргеит "Гәма"
Аконцерт иалахәын ахәыҷтәы акәашаратәи ашәаҳәаратәи коллективқәа.
Амшын аԥшаҳәаҟны иара убасгьы ицәырган ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа.
Аныҳәа аҳра ауан Баграт Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҟынгьы.
Араҟа ахәыҷқәа акатран аҟны асахьақәа ҭырхон, ашахмати ашашкеи ихәмаруан, асапын ашәаха аҟынтәи ампышҭақәа ҟарҵон, еиԥхныҩлон.
1 / 5

Ахәыҷқәа рыхьчара амш

2 / 5

Ахәыҷқәа рыхьчара амш

3 / 5

Ахәыҷқәа рыхьчара амш

4 / 5

Ахәыҷқәа рыхьчара амш

5 / 5

Ахәыҷқәа рыхьчара амш

"Ари аныҳәа рыдысныҳәалоит ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи, аныҳәа аиҿкааҩцәа ирылшеит ахәыҷқәа ргәалаҟазаара ашьҭыхра. Аригьы мшык ҳәа иҳаԥхьаӡап ахәыҷқәа ирҭаху ҟарҵартә аҭагылазаашьа анрымоу", - ҳәа лҳәеит хҩык ахәыҷқәа ран Изабелла.
Есышықәса адунеи аҟны рашәара 1 азы иазгәарҭоит Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш.