Аԥсны

Вадим Ҳаразиа Ливан иҟоу аԥсуа диаспора рзы: абызшәазы иԥсыҽуп

Sputnik
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа напхгара зиҭоз Аԥснытәи аделегациа Ливантәи Ареспубликаҿы усуратә еилацәажәарақәа рзы рыҟазаара хыркәшоуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аделегациа имҩаԥнагаз аиԥыларақәеи, излахәыз аусмҩаԥгатәқәеи дырзааҭгылеит арадио аефираҟны.
Аԥсуа делегациа Ливанҟа ааԥхьара риҭеит уа еиҿкаау Ачерқьесстә культуратә центр анапхгаҩы Цыба Абдул Разак- Риад.
Вадим Ҳаразиа иажәақәа рыла, аилак азы ари раԥхьатәи аофициалтә усуратә ныҟәароуп. Ачерқьесстә культуратә центр иалоу рыԥсҭазаашьа, рынхашьа-рынҵышьа рбеит. Адиаспора ахаҭарнакцәа рыбжьара аҿар замана ыҟоуп, угәы еихьызшьуа акакәны иҟоуп абызшәа ахьԥсыҽу ҳәа иҳәеит Ҳаразиа.