АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik. АҶА аусзуҩцәа Аԥсны атәылауаҩ лыԥсыбаҩ амшын иамырхит Аҟәа амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа рашәара 1 азы. Абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
"Аҭыԥантәи аԥсыӡкыҩцәа ацәқәырԥа аҟәарахьы иаанагаз аԥсыбаҩ рбеит, аиқәырхаҩцәа адырра рырҭеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Иҟалаз амзыз макьаназ ишьақәыргылам.