Аԥсны

Аԥснытәи аҟазауаа апрокуратура аусура азҵааракәа рзы аинфотехнологиақәа русхк ҭырҵааит

Москва имҩаԥгаз асеминар азгәаҭоуп 2023-2024 шықәсқәа рзы Аԥсни Урыстәылеи рыпрокуратура хадақәа рыбжьара аусеицуразы Апрограммала.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik. Урыстәыла Апрокуратура хадаҿы имҩаԥысит аинформациа-телекоммуникациатә технологиақәа русхк аҟны апрокуратура аусбарҭақәа русура иазкны аԥсуа -аурыс семинар.
Атема хадақәа:
апрокуратура аусбарҭақәа русура ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ралагалара аԥышәа аимдара,
аинформациа-телекоммуникациатә технологиақәа рхархәарала имҩаԥырго ацәгьоурақәа рҿагылара апрактика,
аинтернет аҟны ззин ыҟам аинформациа аларҵәара, екстремисттәии атеррористтәии ҟазшьа змоу налаҵаны.
Аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит ԥхьаҟагьы еицырзыфеидоу аусеицура мҩаԥыргаларц.