Аԥсны

"Князь Владимир" аҟәатәи абаӷәаза иадгылоит рашәарамзазы

Шәачатәи абаӷәаза аиҳабы иажәақәа рыла, Аԥсныҟа мшынла аныҟәарақәа атуристцәа рхыԥхьаӡара 5-10% рыла зеизҳара иацхраауеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Аӷба "Князь Владимир" аҟәатәи абаӷәазахь аныҟәара иалагоит рашәарамзазы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, шәачатәи абаӷәаза адиректор хада Иури Владимиров иажәақәа шьаҭас иганы.
Владимиров иазгәеиҭеит ари аҩыза аӡбамҭа шрыдыркылаз акоординациатә хеилак аҿы. Рашәарамза 21 рзы алаинер Шәачатәи абаӷәаза иадгылоит, раԥхьатәи ареис мҩаԥнагоит рашәара 29 рзы. Аҟәа абаӷәазаҿы хымш игылазаауеит. Асезон иалагӡаны 11-нтә Аҟәаҟа инеиуеит.
"Князь Владимир" – ахыӷәрақәа жәба змоу круизтә ӷбоуп, урыстәылатәи аилахәыра "Черноморские круизы" иатәуп, иара амаршрут Шәача – Новороссиск – Иалта – Севастополь – Шәача ала иныҟәоит. Знык ала 600-ҩык апассаџьырцәа ақәтәар алшоит.
Аҟәа "Князь Владимир" ишаԥылаз
"Князь Владимир" шәачатәи абаӷәазаҟынтә Аҟәаҟа раԥхьаӡа акәны ԥышәара ҳасабла инеит ԥхынҷкәын 2 2019 шықәса рзы. Усҟан уи дҵас иаман анавигациа, абаӷәаза адгылара, аҳәаахьчаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара уҳәа. Уи аԥхьа Аҟәатәи абаӷәазахь ианнеихьаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡоуп, 30 шықәса раԥхьа.
2020 шықәса хәажәкыра 1 инаркны жьҭаара 31 рҟынӡа ари аӷба 35 реис ҟанаҵар акәын, Аҟәатәи абаӷәазагь уахь иналаҵаны, аха COVID-19 алаҵәара ашьҭахь ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩ иахҟьаны урҭ зегьы аԥыхын.
Аӷба "Князь Владимир" 2020 шықәсазтәи ареисқәа зегьы аԥыхуп