Аӷба "Князь Владимир" 2020 шықәсазтәи ареисқәа зегьы аԥыхуп

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПервый пассажирский рейс круизного лайнера "Князь Владимир" в Сочи
Первый пассажирский рейс круизного лайнера Князь Владимир в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев акоронавирус иахырҟьаны ашәарҭара арежим нанҳәа 21 аҟынӡа днахеит.

АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Аӷба "Князь Владимир"  2020 шықәсазтәи ареисқәа зегьы аԥыхуп ҳәа аанацҳауеит аӷба зтәу аилахәыра "Черноморские круизы".

Круизный лайнер Князь Владимир в Сухумском порту - Sputnik Аҧсны
"Князь Владимир" 2020 шықәса рзы Аҟәатәи абаӷәазахь иҭалом

"Акоронавирустә инфекциа иахырҟьаны аӷба "Князь Владимир" ахьныҟәо арегионқәа рҿы 2020 шықәсазтәи ареисқәа зегь аԥыхуп", - ҳәа ҳәоуп адырраҭараҿы.

ИАЕ "Черноморские круизы" аҳәамҭа ҟанаҵеит заанаҵы зныҟәара аԥара ахызшәааз атуристцәа 2021 шықәсазы еиуеиԥшым аԥсшьарахкқәа рвариантқәа рыдгалахоит ҳәа.

"Князь Владимир" анавигациа хацнаркраны иҟан ԥхынгәы 19 рзы. Хәажәкыра  1 - жьҭаара 31 рзы аӷба 35 реис мҩаԥнагахьазар акәын, аха хәажәкыра 22 рзы анавигациа аанкылан Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев ирылеиҳәаз акарантин инақәыршәаны.

Лаҵара инаркны цәыббранӡа "Князь Владимир" аграфик инақәыршәаны фынтә Аҟәатәи абаӷәазахь икыдгылар акәын, аха сынтәа уи залыршахом.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0