Аԥсны

Очамчыра акурорт-рзҩыдаратә база аргылара ахыркәшара акгьы агым

Очамчыра амшын аҟәараҿы игылоу 16 еихагыла змоу ахыбра аргылара иалагахьан иҳаҩсыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рзы, аха Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иахьалагаз иахҟьаны уи уаҳа ихыркәшамызт.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 3 – Sputnik. Очамчыра акурорт-рзҩыдаратә база аргылара ахыркәшара акгьы агым арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артимон Габелаиа.

"Аҩнуҵҟатәи аусурақәа зегьы хыркәшоуп, аха ааԥынра ақәа рацәаны иахьауаз иахҟьаны ианаамҭаз адәахьтәи аусурақәа рхыркәшара залымшеит. Уажәы ауасҭацәа ҩнапыкла аусура иаҿуп, уахи-ҽни, хара имгакәа ари ахыбра аԥсшьацәа рыдкылара алшарц. Раԥхьа уи аԥхын алагамҭаз иаадыртуеит ҳәа иазгәаҭан, аха уажәазы иӡбоуп ԥхынгәымза инаркны аԥсшьаҩцәа рыдкылара иалагоит ҳәа", - иҳәеит иара.

Араион ахада ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы анхыркәшахалак ашьҭахь ари аԥсшьарҭа знык ала иаднакылар шалшо 600-ҩык рҟынӡа атуристцәа. Иара иажәақәа рыла, аусурақәа зегьы хаҭабзиара ҳаракыла инагӡоуп, агәрагарагьы ааирԥшит аԥсшьаҩцәа акыр азҿлымҳара аадырԥшуеит ҳәа.
"Макьана иҳазҳәом аобиект абиуџьет шаҟа аланагало атәы, аха уи ашәахтәқәа жәпакы аланагалалоит. Иара убас уа иҩноу ауаа адәқьанқәа рахь, аџьармыкьахь иныҟәалоит, атакси иақәтәалоит уҳәа, убри алагьы аекономика аҿиара иацхраалоит", - иҳәеит Габелаиа.
Уи адагьы, аҭыԥантәи ауааԥсыра асасааирҭаҿы аусурҭа роуеит.
Аԥсны
Арекордтә рбагақәа: аексперт Аԥсны аԥсшьарҭа ҭыԥқәа заанаҵы раанкылараз ахәшьара аиҭеит
Очамчыра амшын аҟәараҿы игылоу 16 еихагыла змоу ахыбра аргылара иалагахьан иҳаҩсыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рзы, аха Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иахьалагаз иахҟьаны уи уаҳа ихыркәшамызт.
Ари арзҩыдаратә центр Очамчыра реиҳа иҳараку хыброуп. Актәи аихагылақәа ҩба рҟны иҟалоит азеиԥш крыфарҭеи ақьафурҭеи, егьырҭ зегьы рҿы аԥсшьацәа ахьыҩнарҵо ауадақәа ҟалоит. Знык ала 600-ҩык ауаа ҩноуҵартә иҟалоит.
Уи адагьы, ашҭаҿы иҟалоит идырԥхо аӡҭарчқәа хԥа. Урҭ рахьтә ҩба рахь Аалӡга атыҩшаӡритә хыҵхырҭаҟынтәи аӡыршы неилоит. Уантәи аҭыԥ аҟынӡа х-километрак бжьоуп. Ахԥатәи иҭарҵоит амшынӡы.