Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арекордтә рбагақәа: аексперт Аԥсны аԥсшьарҭа ҭыԥқәа заанаҵы раанкылараз ахәшьара аиҭеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥсшьарҭа ҭыԥқәа заанаҵы иааныркыло аԥхьагылара змоу иреиуоуп Гагреи Пицундеи, ахԥатәи аҭыԥ аҟны - Аҟәа.
АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik. 2023 шықәса хәымзтәи аихшьаалақәа рыла Аԥсны аԥхантәи аԥсшьараз заа иааныркыло аҭыԥқәа 27% еизҳаит ҵыԥх уажәааны иаҿырԥшны. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Ромашкин.

"Даара арбага бзиақәа ыҟоуп, рашәарамзазы зегь ҭииуп, асассирҭақәа рыҟны даара аҭыԥқәа маҷуп. Ԥхынгәыи- нанҳәамзеи рзы макьана аҭыԥқәа ыҟоуп, аха мызкы ашьҭахь аԥхантәи аҭыԥқәа зегь ҭины ҳалгоит", - ҳәа иҳәеит Ромашкин.

Ромшкин игәаанагарала, Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара иаадыртыз аҳаиреимадара Аԥсныҟа аԥсшьаҩцәа раара зынӡагьы иаԥырхагам. Избанзар, Аԥсныҟа иаауа амшын азы даауеит.
Иара иазгәеиҭеит, Қырҭтәыла ашықәс нҵәаанӡа Урыстәылантәи 70-80-нызқьҩык рҟынӡа иаҭаауеит. Убри аан Аԥсны ашықәс нҵәаанӡа 1,5 миллионҩык атуристцәа шаҭаауа.
Ажәабжьқәа зегьы
0