Аԥсны

Афонд "Аԥсны аҭоурыхтә еилазаара" аԥҵоуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Афонд "Аԥсны аҭоурыхтә еилазаара" аԥҵоуп.
Аиҿкаара адгылара анаҭалоит аҭҵаарадырреи Аԥсны аҵарауаа русура аларҵәареи.
Афонд инанагӡалоит абарҭ аусурақәа:
архивқәа имарианы аус рыдулара ралыршара;
аҭоурыхҵара адгылара аҭара;
иреиӷьу арҵаҩцәеи аҭҵаарадырыҩцәеи агәазыҟаҵарақәа рыҭара;
иҿыцу арккаратә рлашарақәа раԥҵара.
Актәи аилатәараҟны Афонд ахантәаҩыс далхуп аҭоурыхдыррақәа ркандидат Станислав Лакоба.