АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Амефедрон зыдбалаз Аԥсны атәылауаҩ аԥсуа-аурыс ҳәааҿы даанкылан, абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Ахаҵа дааныркылеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аконтрабанда аԥырҟәҟәааразы аусбарҭа аусзуҩцәеи, ААР-и, Гагра араион ААР аҟәша аусзуҩцәеи.
Иаанкылаз игәаҭараан идырбалеит 2,9 грамм амефедрон.
Ашьаус хацыркуп.