Аԥсны

Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа Адгәыр Бгьеу ҩымш иԥшаара иаҿуп

Мышқәак раԥхьа Аԥсны атәылауаҩ Адгәыр Бгьеу имашьына Риҵатәи аҩхаа аӡиас аҟны ирбеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа Адгәыр Бгьеу ҩымш иԥшаара иаҿуп, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Бгьеу имашьына рбеит амҽышаҽны, Риҵатәи аҩхааҟны аӡиасқәеи Бзыԥи Гьегеи реилаларҭаҟны.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, имашьына аӡы иалаҳаит.
Илеиуа ақәыршыҩ иахҟьаны ишьҭыҵыз аӡи аӡиас амҩасреи аԥшаарақәа аруадаҩуеит.