Аԥсны

Аԥсны атәылахьчара аминистрраҟны лаҵарамзазы ар рҽазыҟаҵарақәа аихшьаалақәа ҟарҵеит

Ауснагӡатә мҩаԥысуан Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа инапхгарала, ихаҭыԥуааи, аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩцәеи алархәны.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Аԥсны атәылахьчара аминистрраҟны лаҵарамзазы ар рҽазыҟаҵарақәа аихшьаалақәа ҟарҵеит
Аихшьаалақәа ҟаҵан аоперативтә, аҽеизгаратә, аиқәшәаратә зыҟаҵара рылҵшәақәа рыла.
Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада аиҳабы, аинрал-леитенант Владимир Савченко иазгәеиҭеит, аруаа хра злоу аибашьратә, аморал-ԥсихологиатә зыҟаҵара бзиа шрымоу.
Иара иҳәаақәиҵеит ар разыҟаҵаразы арратә напхгараҭара руснагӡатә хадақәа.
Аиҳарак азхьаԥшра аҭан аррамаҵзурауаа ирлас иахәҭоу рҭакҟаҵаразы аҽазыҟаҵарақа.