Аԥсны

Аԥсны азанааҭтә ныҳәақәа хԥа аԥҵахар алшоит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Аԥсны Жәлар реизара "Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа рзы" азакәан ариашарақәа аланагалоит иааиуа аилатәара аҟны.
Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак аилатәараҟны азакәан еиҭахәаԥшит.
Иалагалоу аиҭакрақәа инарықәыршәаны Аԥсны иазгәарҭалоит:
Лаҵара 17- Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә маҵзура амш.
Рашәара 10- Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистика амш.
Ԥхынгәы 4- Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсеикәырхаҩцәа рымш.
Аилак алахәылацәа анеилацәажәа ашьҭахь иазырыӡбеит Жәлар реизара аилатәарахь азакәан ариашарақәа рыдыркыларц ишынарышьҭуа.