Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Киев иалымшаӡеит Алада-Донецктәи ахырхарҭаҟны урыстәылатәи аруаа рхырӷәӷәарҭақәа рыԥжәара

Sputnik
АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Украинатәи архәҭақәа ирылымшаӡеит Алада-Донецктәи ахырхарҭаҟны урыстәылатәи аруаа рхырӷәӷәарҭақәа рыԥжәара, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Рашәара 4 рзы урыстәылатәи аруаа рхырӷәӷәарҭақәа рыԥжәаразы аӷацәа иҟарҵаз аҽазышәарақәа лыҵшәадахеит. Рашәара 5 рзы ашьыжь украинатәи аруаа шьҭахьҟа иԥхьацан. УАМ аибашьцәеи атехникеи ааха рыҭан", - рҳәеит аусбарҭаҟны.
Атәылахьчара аминистрраҟны иазгәарҭеит "аилынхарҭа Нескучное иажәлаз амеханизациа зызу 21-тәи УАМ агәыԥ иацәыӡит 250-ҩык аибашьцәа, 16 танк, акәылӡымашьынақәа 24, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп БМП "Бредли" хԥа".
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ишаанацҳауа ала украинатәи аибашьцәа хәҩык итҟәаны иргеит.