Аԥсны

Аԥсны АҶА аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа руак иацәыхарамкәа амца дырцәеит

Аԥсны АҶА ахь амцакра ҟалеит ҳәа адырра ҟаҵан рашәара 6 асааҭ 06:47 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 6 - Sputnik. Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа руак иацәыхарамкәа амца зкыз ахатәыҩны дырцәеит.
Рашәара 6 рзы ашьыжь, Габечиа имҩаҿы аҩны амца акит. Аҩны авара ахәыҷбаҳча гылоуп.
Аусбарҭаҿ ишырҳәаз ала амцабз ахәыҷбаҳчахь ииасыр алшон.
Амца дырцәеит аамҭа кьаҿла. Аҩны ахыби аҩбатәи аихагылеи блит.
Амцакраан аӡәгьы ԥырхага имоуит.