Аԥсны

Аԥснынтәи закәаншьаҭада аҭаҭынаалыҵ ииазгоз автобус маҷ аҳәааҿы иаанкылан

Sputnik
АҞӘА, рашәара 6 - Sputnik. Аԥснынтәи закәаншьаҭада аҭаҭынаалыҵ ииазгоз автобус маҷ аҳәааҿы иаанкылан, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи амаҵзура.
Аҳазалхыҩцәа автобус маҷ MERSEDES VITO ааныркылеит.
Амашьына гәаҭан амобилтә инспекциа-гәаҭагатә комплекс ала. Иаарԥшын адашьмаҟны аҭыԥ маӡа, уа иҵәахын 4490 ҭоԥ асигарет "MILANO" урыстәылатәи акцизтә дырга ақәӡамкәа.
Закәаншьаҭада аҳәаа иахыргоз аалыҵи амашьынеи аҳазалхыҩцәа идырбаандаҩит.
Ашьаус хацыркуп "Арыжәтә аалыҵи аҭаҭынаалыҵи рконтрабанда" ахәҭаҷ ала.