Аԥсны

Ажәеи ашәеи рыла: Пушкин иирамш Аҟәа ишазгәарҭаз

Sputnik
Аурыс поет, адраматург, апрозаик, ҳаамҭазтәи аурыс литературатә бызшәа ашьаҭаркҩы Александр Сергеи-иԥа Пушкин диит рашәара 6 1799 шықәса рзы. Аԥсны ари амш аҳаҭыразы Аҟәа еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿыркаауеит.
Аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылагеит апоет ибаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Уи ашьҭахь еизаз зегьы Аҟәатә аботаникатә баҳчаахь имҩахыҵит.
Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҟны Пушкин 224 шықәса ихыҵра азгәаҭараан апоет Владимир Занҭариа аԥсшәахь еиҭеигаз ажәеинраала "Я пью за здравие Мери" даԥхьеит.
Владимир Занҭариа иазгәеиҭеит Пушкин иҩымҭақәа аԥсшәахь ишеиҭаргахьоу Баграт Шьынқәба, Владимир Аҵнариа, Мушьни Лашәриа.