АҞӘА, рашәара 6 - Sputnik. Аурыс бызшәа амш азгәарҭеит акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҟны, рашәара 6 аҽны.
"Москва анапхгара ахьӡалеи сыхьӡалеи ишәыдысныҳәалоит апоет, апрозаик, адраматург Александр Пушкин диижьҭеит 224 шықәса аҵра. Аурыс литература аҿиараҿы илагала ӷәӷәоуп, ҿыӷәӷәала иаҳҳәарц ҳалшоит- Пушкин иоуп иахьатәи аурыс литературатә бызшәа ашьаҭа зкыз ҳәа", - иҳәеит Аҟәа иҟоу "Москва Аҩны" аиҳабы Александр Бигәаа.
Аихамҩатә станциаҟны XIX ашәышықәсазтәи аамҭа аҳауа иалан, аҳра ауан- арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи усҟантәи аамҭа рҽақәыршәаны еилаҳәан. Аквартет "Каприччио" аклассикатә музыка нанагӡон-аҿар вальс икәашон.
ААУ аурыси аҳәаанырцәтәи литература акафедра арҵаҩы еиҳабы Асҭанда Бигәааԥҳа, еизаз ирзеиҭалҳәеит Пушкин ихаан ауаа ртәашьа-ргылашьа зеиԥшраз.
Ахәылԥыз еиҿыркааит Москва Аиҳабыра, адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәеи рзы Москва адепартамент, Аҟәа иҟоу "Москва Аҩны".