Аԥсны

Аԥсны арҩашьыгатә маҭәашьарқәа алазырҵәоз Узбекисҭан атәылауаҩ 15 шықәса аҭакра иқәҵоуп

Рамзиддин Шамсиддинов ахара идҵоуп Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла 224-тәи ахәҭаҷ 3-тәи ахәҭа апункт "в" инақәыршәаны.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа Узбекисҭан атәылауаҩ Рамзиддин Шамсиддинов 15 шықәса аҭакра иқәнаҵеит Аԥсны арҩашьыгатә маҭәашьарқәа раларҵәаразы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, 25 шықәса зхыҵуа Шамсиддинов ахара шидҵоу 14,28 грамм аметодон закәаншьаҭада аҵәахреи амҩангареи рзы. Ахара здырԥхьаӡало идбалаз анаркотикатә маҭәашьарқәа 30 еилаҳәыра хәыҷқәа иргәылан, анаҩс аҭыԥ маӡақәа рыҟны иҵәахырц азы. Рамзиддин Шамсиддинов идырҵо ахара азхаиҵоит.
Аусҭҵаараан ишьақәыргылоу аҭагылазаашьақәа ирнырԥшны Шамсиддинов Р.В. иқәҵоуп жәохә шықәса ариашаратә колониа азеиԥш режим аҿы ахгара 600 нызқьмааҭ ахараԥса иршәарала.
Аԥсны
Аҟәа иаанкылоуп аметадон аҭираз гәҩарас иҟоу ҩыџьа Узбекисҭан атәылауаа