Аԥсны

Едуард Быҭәбеи Мактина Џьынџьалԥҳаи урыстәылатәи апсихиатрцәа раара атәы иалацәажәеит

Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, афонд хылаԥшра знаҭо рыцхрааразы урыстәылатәи апсихиатрцәа Аԥсныҟа раара азгәаҭоуп ҳазҭоу амзазы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи урыстәылатәи аҟазацәа раара атәы иалацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу аусбарҭа апресс-маҵзура.
Џьынџьалԥҳа илҳәеит, урыстәылатәи амедусзуҩцәа рмаҵзураныҟәарыла Апсныҟа рааразы иалацәажәан Урыстәыла ахада иҟны иаԥҵоу Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Мариа Львова-Белова лԥылараан.
"Ҳара ҳрыҳәеит агәыҳалалратә фонд хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы апсихиатрцәа ҳзаарышьҭырц. Ари азҵаараҟны агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтәи адгылара ҳҭахуп акциа аицымҩаԥгаразы", - ҳәа лҳәеит лара.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иҳәеит, аусбарҭа аԥыжәара шанаҭо Аԥснытәи ахәыҷқәа адгылара рыҭаразы, афонд ишацхраауа аиҿкааратә зҵаарақәа рыӡбараҿы.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра ахәшәтәырҭақәа акурорт аамҭа ишазхиоу атәы рҳәеит