Аԥсны

Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа закәаншьаҭада Аԥсны абџьар алгара аԥдырҟәҟәааит

Абџьар ԥшаан Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа иахысуаз амашьынаҿы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа закәаншьаҭада Аԥсны абџьар алгара аԥдырҟәҟәааит, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь аҿтәи апресс-маҵзура.
Аушьҭырҭа-гәаҭаратә ҭыԥ "Адлер" аҿы иаанкылан Аԥснынтәи аҳәаа иахысуаз амашьына "ВАЗ 2107".

Амашьына агәаҭараан аҳазалхыҩцәа ирбеит "Glock 1594-01" атапанчеи, уи азы ахҭалашәара 9 мм иҟоу 14 хеиқәыршәа.

Амашьынарныҟәцаҩ Аԥсны атәылауаҩ, 1977 шықәсазы ииз аҳәаа данахысуаз зхыгара ҟамлоз ма ззин ыҟам амаҭәарқәа зимаз азы ашәҟәқәа хаимырҭәааӡеит.
Абџьари аџьаԥҳани рныҟәгаразы азин зимаз зыршаҳаҭуаз аҩнуҵҟатәи аусқәа рҟынтәи шәҟәык имамызт.
Абџьари, аџьаԥҳани, амашьынеи имхуп. "Иҭҟьо абџьар аконтрабандазы" ахәҭаҷ ала ашьаус хацыркуп, уи иазԥхьагәанаҭоит хышықәса инаркны бжьышықәсанӡа аҭакра.