Аԥсны

"Анхарҭа 2023-2025" апрограммала арзаҳалқәа жәаба ирықәшаҳаҭхеит

2023 шықәзазы аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа" анагӡаразы иазгәаҭоуп 60 миллион мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. "Анхарҭа 2023-2025" анхарҭатә программала атәылауаа рырзаҳалқәа 10 ирықәшаҳаҭхеит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Аинвалид ма зхәыҷаахыс зхы иамыхәо ахәыҷы знапы дану быжь-ҭаацәараки, ахәыҷы рацәа змоу ҭаацәарки, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз иҭаацәаки, аеҭымки рызаҳалқәа ирықәшаҳаҭхеит.
Арҭ апрограммақәа рынагӡаразы абиуџьет аҟынтәи ирзоужьхоит 9,1 миллионмааҭ.
Иааидкыланы акомиссиа ахәаԥшит 25 рзаҳал, 15 рзаҳал мап рыцәкын апрограмма иарбоу ашәагақәа иахьрықәымшәоз азы.
Аԥсны ахада иусԥҟала 2021 шықәсазы ишьақәырӷәӷәан аҳәынҭпрограмма Аԥсны социалла ихьчам ауааԥсыра анхарҭаҭыԥқәа раахәаразы хықәкыла ацхыраара рыҭара.
Ари аамҭа иалагӡаны 155 рзаҳал шьақәырӷәӷәоуп. Апрограмма аԥҟарақәа инарықәыршәаны арзаҳал алазҵаз аҭаацәара анхарҭа аахәараз 500 нызқьмааҭи аҭаацәараҿы иҟоу рыцԥхьаӡа 100-100 нызқьмааҭи рзыршәоит. Иааизакны 1,2 миллион мааҭ артәоит.