Аԥсны

Аԥсны азанааҭтә ныҳәақәа хԥа аԥҵоуп

Изаамҭанытәиу Аԥсны Жәлар Реизара асессиа аилатәараҿы "Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа рзы" азакәан ариашарақәа аланагалоит аԥшьаша, рашәара 8 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Апарламент "Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа рзы" азакәан ариашарақәа аланагалеит.
Апроект азырхоуп Аԥсны азанааҭтә ныҳәақәа рышьақәыргылара:
Лаҵара 17 - Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә маҵзура амш.
Рашәара 10 - Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистика амш.
Ԥхынгәы 4 - Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсеикәырхаҩцәа рымш.
Арыцхәқәа аныҳәа аусура мшқәаны иԥхьаӡоуп.