Аԥсны

Аԥсны Жәлар Реизара жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы азакәан аиҭакрақәа аланагалеит

Аԥсны Жәлар Реизара VII ааԥхьара асессиа мҩаԥысит Аҟәа аԥшьаша, рашәара 8 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апарламент актәи аԥхьараҿы аиҭакрақәа аланагалеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы" азакәан.
Аилыркаага ишаҳәо ала, апроект еиқәыршәоуп ахәҭаҷ 7 ахәҭа 2 ҿыц иҩны, Аԥсны Жәлар Реизара жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы адырра аҭашьа аԥҟарақәа ҭышәныртәаланы.
"Азакәан ахәҭаҷ 11 ишьақәнаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра злахәхарц агәы иҭоу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа рыла, иара убас аратификациа ззутәу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа рыла Жәлар Реизара аԥшьгамҭала ианаҭаххалак иахәҭоу аҭҵаарадырратә експертиза азура шалшо, убас ала иҳаԥхьаӡоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент алшара аҭатәуп ҳәа Аԥсны Аҳәынҭқарра анапаҵаҩразы иаздырхио жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа ирызку адыррақәа урҭ реиқәыршәараан алшара рыҭара ҳәа", - абас ануп аилыркаага.
Иазгәаҭоуп, арҭ аиҭакрақәа еиҳа ҷыдала аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа ҭҵааны, азинтә гхақәа рмоуратәы рыҟалара иацхраауеит ҳәа.