АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Бзыԥ аӡы иагаз Адгәыр Бгьеу иԥсыбаҩ рыԥшааит Калдахәара иахьаҵанакуаз ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
"Хәымш ааԥшаарақәа цон. Аԥсны АҶА аԥшаара-аиқәырхаратә гәыԥи, Зышәага маҷу амшын ӷбақәа рзы агәаҭареи, Гагреи Гәдоуҭеи аиқәырхара-амцарцәаратә гәыԥқәеи, иҭахаз иҭынхацәеи зегьы аԥшаарақәа еицымҩаԥыргон", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Аԥсны атәылауаҩ, 36-шықәса зхыҵуаз Адгәыр Бгьеу имашьына рбеит амҽышаҽны, рашәара 4 рзы Риҵатәи аҩхааҟны аӡиасқәа Бзыԥи Гьегеи реилаларҭаҟны. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, амашьынарныҟәцаҩ иауз ааха иахҟьаны аӡы далаҳаит.