Аԥсны

Инал Габлиа Казан имҩаԥысуа аҵара аминистрцәа рфорум далахәуп

Афорум мҩаԥысуеит Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь Казан рашәара 7-9 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа Казан имҩаԥысуа аҵара аминистрцәа жәларбжьаратәи рфорум "Формируя будущее" ихы алаирхәит ҳәа аанацҳауеит аҵара аминистрра апресс-маҵзура.
Афорум иалахәуп 20 тәыла инареиҳаны аделегациақәа ааигәа иҟоу атәылақәа реиԥш ахаратәи аҳәаанырцә атәылақәагь. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп Белоруссиа, Киргизиа, Сириа, Конго, Египет, Венесуел уҳәа рҟынтәи аҵара аминистрцәа.
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵара аминистрцәа алацәажәоит аҵарадырра аҵакы аекономика аизырҳараҟны, аҩаӡара ҳаракыла ацарадырра ашьҭыхра, ахәыҷқәеи аҿари аус рыдулара, ахәыҷқәа рыԥсшьара, аҳәаанырцә аурыс бызшәа дырҵара уҳәа.
Афорум аҟны Инал Габлиа дырԥылоит Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи иколлегацәа, Таџьикисҭан, Узбекисҭан, Туркменисҭан, Ҟазахсҭан рхаҭарнакцәа.