Аԥсны

Раԥхьаӡатәи афымцадәыӷба "Ласточка" Гагра иааит

Ирлас иныҟәо афымцадәыӷба "Ласточка" "Шәача - Гагра" ахырхарҭала аныҟәара аԥхьагәаҭара мҩаԥысит лаҵара 12 рзы.
Sputnik
ГАГРА, рашәара 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Афымцадәыӷба "Ласточка" аныҟәара аамҭеихшарала раԥхьаӡа акәны Гагра иааит аԥшьаша, рашәара 8 рзы ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

"Аԥсныеихамҩа" анапхгара "Ласточка" аара хықәкыла рҽазыҟарҵеит. Адәыӷбадгыларҭаҟны амузыка ықәыҩҩуан, асасцәа ахәыҷтәы ансамбль "Афырҭын" акәашаралеи адәыӷба аара иазԥшыз ауаа рнапеинҟьарылеи иаԥылеит.

Раԥхьатәи апассаџьырцәа ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит ргәаанагарақәа. Нальчикнтәи иааз Саниа иҳәеит "Ласточка" аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа бзиа шыҟоу, адәыӷба аусзуҩцәа азҿлымҳара бзиа шрырҭоз.
"Ҳара Цандрыԥшь ҳҭалеит. Раԥхьатәи апассаџьырцәа злаҳакәыз ала амҩақьыра ҳамрымхӡеит, ашоколад ҳҿарҵеит. Ара ҳахьааизгьы, ҳшазыԥшӡамыз, ансамбль ҳԥылеит, ари даара иссируп", - ҳәа лҳәеит Аԥсны сасра иҟоу.
"Ласточка" гагратәи авокзал аҟны иааит иарбаз аамҭа 15:00 рзы, иаанагеит 60-ҩык апассаџьырцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы "Аԥсныеихамҩа" аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа. Иара иҳәеит афымцадәыӷба уадаҩрада, иманшәаланы ишааз.
Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит ари ашықәс азы "Ласточка" Аҟәанӡа ацара шазгәаҭоу.
Гагрантәи Шәачанӡа афымцадәыӷба амҩа иқәхоит х-сааҭк.
Аԥсны
Ҟәыруа: Аԥсны ҳаамҭа иақәшәо адәыӷбақәа рыдкыларазы алшара ҟалоит