АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны акультураҟны зышьҭа аанзыжьыз аурыс сахьаҭыхыҩцәа рҟазара иазку "Ухызхуа атәылаҿацә" захьӡу ацәыргақәҵа аатит Аҟәа ахәаша, рашәара 9 рзы.
“Ацәыргақәҵа аҵаки иара ахьӡи акоуп - уи "Ухызхуа атәылаҿацә" ауп, иара зызку ХХ ашәышықәса актәии аҩбатәии азыбжазы Аԥсны аус зуаз аурыс сахьаҭыхыҩцәа. Урҭ рахьтә аӡәырҩы ара иаангыланы наҟ-наҟтәи рыԥсҭазаара Аԥсны иадырҳәалеит”, - ҳәа азгәалҭеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Ацәыргақәҵаҟны иӡыргоуп Борис Петров, Валентин Контарев, Николаи Писарчук, Ольга Брендель, Евгени Котлиаров, Сергеи Сангалов, Варвара Бубнова уҳәа асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 35. Аҿыханҵеи аграфикеи рырҿиамҭақәа Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа аизгаҟынтәи, иара убас ахатәы коллекциақәа рҟынтәи иаагоуп.
Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла, ацәыргақәҵа хықәкыс иамоуп аурыс ҟазацәа Аԥсны асахьаҭыхратә ҟазараҿы рлагалеи рнырреи атәы.
“Арҭ асахьаҭыхыҩцәа ирыман рхатәы аурыс-европатәи асахьаҭыхратә традициа. Дара арахь иааит уажәшьҭа ишьақәтәахьаз ҟазацәаны. Даара аинтерес аҵоуп урҭ аԥсуа сахьаркыратә ԥсҭазаара анырра шарҭаз, аԥсуа коллегацәа ирывагыланы асахьаҭыхратә еилазаара анаԥҵатәыз, асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, раԥхьатәи ацәыргақәҵақәа анеиҿкаатәыз иҟарҵаз алагала. “Ухызхуа атәылаҿацә” абри ауп изызку”, - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Аекспозициа азкуп Урыстәыла Амш. Аусмҩаԥгатә еиҿкаан Москва Аиҳабыра, Москва адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәеи рдепартамент, Аџьынџьуаҩ Москватәи Иҩны, Аҳәынҭқарратә автономтә усбарҭа “Москватәи Аџьынџьуаҩ” - “Аҟәа иҟоу Москва Аҩны” рыдгыларала.